Михаил Саакашвили - Ҳара, шәнызқьҩыла ауааҧсыра, уахгьы-ҽынгьы, амчыбжьқәеи амзақәеи ирылагӡаны, адәахьы агылара ҳазыхиароуп
«Ҳара ареволиуциа акәымкәа, алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵароуп, алхрақәа рыцклаҧшреи абыжьқәа разықәҧареи ҳазыхиазароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аӡбарҭаҿ имҩаҧысуаз аилатәараҿ анахарала данықәгылоз.
Саакашвили иҳәамҭала, арҭ алхрақәа рҿы ақырҭуа жәлар риааира ада уаҳа изакәызаалак алҵшәак изақәшаҳаҭхом.
«Дара алҵшәа ҧаршеиқәа анаарыцҳалак ашьҭахь, ҳара, шәнызқьҩыла ауааҧсыра, уахгьы-ҽынгьы, амчыбжьқәеи амзақәеи ирылагӡаны, ҭынч адәахьы агылара ҳазыхиароуп. Зқьҩык раҟара робокопцәа ҳареи ҳаиааиреи изрыбжьагылом, ҳара миллионҩыла ҳаҟоуп. Ҳара ахыхьчареи аиааира азгәаҭареи ҳазыхиазароуп.
Арҭ алхрақәа рҿы ақырҭуа жәлар риааира ада уаҳа изакәызаалак алҵшәак ҳзақәшаҳаҭхом. Иарбанзаалак даҽа вариантк зыҟалом. Шәара амчылареи ауаа рықәлареи азы шәҽазыҟашәҵоит. Ҳара ҭынч аҵыхәанӡа ҳгылазаауеит. Шәшаҵахаз иазхашәҵаанӡа ҳгылазаауеит. Ақырҭуа жәлар риааира ада даҽа алҵшәак ҳадаҳкылом», — иҳәеит Михаил Саакашвили.
Иара убас Саакашвили ишиҳәаз ала, аоппозициа ахаангьы абас еидгыламызт.