Михаил Саакашвили – Ҳара Аҧсны архынҳәразы аплан ҳамоуп, Цхинвал сагьалацәажәом, уи зынӡаскгьы имариоуп
«Ҳара Аҧсны архынҳәразы аплан ҳамоуп, Цхинвал сагьалацәажәом, уи зынӡаскгьы имариоуп. Аҧсны архынҳәра аплангьы мариоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иахьатәи апроцессаҿ анахарала данықәгылоз.
Саакашвили ишиҳәаз ала, Лазика адыҧхьаларатә центрс иҟалоит.
«Абаҕәаза Лазикеи асасааирҭақәеи иргылатәуп. Лазика адыҧхьаларатә центрс иҟалоит. Аҟәа Баҭым еиҧшхоит, аха, зегьы реиҳа ихадоу, ҳара Евроеидгыла апаспортқәа ҳаманы аҧсуаа ҳрызнеиуеит. Ҳара ганкала аҧхықәра ҳгеит Қырҭтәыла, аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы ахаангьы амч ахархәара ишаламго азы, сара ари аҧхықәра згеит 2010 шықәсазы. Ҳара ари аус ҭынчмҩала иҟаҳҵар ҳҭахуп, Иванишвили Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рызхаҵара игәы иҭоуп, аха, уи изыҟаҵом», — иҳәеит Михаил Саакашвили.
Саакашвили иазгәеиҭеит: «Ҳара Аҷара ҳархынҳәит, Аҧсныгьы ҳархынҳәуеит».