Михаил Саакашвили  - Блинкен иҳәамҭа еилыкка иануп  2012 шықәса инаркны  Қырҭтәылаҿ адемократиатә  ҭагылазаашьа аицәахара ишалагаз
Михаил Саакашвили  - Блинкен иҳәамҭа еилыкка иануп  2012 шықәса инаркны  Қырҭтәылаҿ адемократиатә  ҭагылазаашьа аицәахара ишалагаз

Блинкен иҳәамҭа еилыкка иануп  2012 шықәса инаркны  Қырҭтәылаҿ адемократиатә  ҭагылазаашьа аицәахара ишалагаз, – иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  Америка ахаангьы абас зымҽхак дуу асанкциақәа аӡәгьы изышьақәнамыргылацт.

„ Америка ахаангьы абас зымҽхак дуу асанкциақәа аӡәгьы изышьақәнамыргылацт.  2008 шықәсазы, зҵакы дууз амоментаз, Америка ақырҭуа ҳәынҭқарра аиқәырхаразы аҽаланагалеит, уажәы иаҳа ихьанҭоу аамҭа ҳҭагылоуп, Америка еиҭах иҳацхраауеит.

Аха, ҳара иаҳхамшҭроуп ари ацхыраара аеффектреи амҽхаки ҳажәлар рактивра ишхьыҧшу. Америка иаҳа еиҕьу аҧеиҧш иазықәҧо атәылақәеи ажәларқәеи ирыцхраауеит. Насгьы, игәашәҭазар ҟалап, Блинкен  иҳәамҭа еилыкка иануп  2012 шықәса инаркны  Қырҭтәылаҿ адемократиатә  ҭагылазаашьа аицәахара ишалагаз. Мраҭашәаратәи атәылақәа  аҵыхәанӡа алабҿабара рбеит, 2012 шықәсазы иҟалаҵәҟьаз еилыркааит. Ахаангьы иузеилымкаар аҵкыс икьасаны еилукаар еиҕьуп“, – иҩит Саакашвили.