Михаил Саакашвили  - Ажәлар абри апарламентгьы анапхгарагьы иқәыргоит
Михаил Саакашвили  - Ажәлар абри апарламентгьы анапхгарагьы иқәыргоит

 

«Ақырҭуа жәлар еидгыланы, анапхгара ириааиуеит », —  иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  апрограмма «Настоиашее времиа»  аинтервиу анеиҭоз. Адырраҭара амҩаҧгаҩ Саакашвили диазҵааит  «Амилаҭтә ҵысра» алхрақәа рҿы арегистрациа ианырхыр иҟарҵараны иҟоуи ҳәа.

Саакашвили ишиҳәаз ала, иара Қырҭтәылаҟа ахынҳәра игәы иҭоуп, избанзар иареи игәыҧи роуп Қырҭтәыла аҳәынҭқаррара шьақәзыргылаз.  Иара ахадас дҟалар иҭахума ҳәа ианиазҵаа, Саакашвили абас аҭак ҟаиҵеит: «Мап. Сара еснагь амаҵзуратә ҭыҧ мап ацәыскуеит».

«Аха, уи иаанагом сара аполитикатә процессқәа срылахәхәом ҳәа», — иҳәеит Саакашавили.

«Қырҭтәыла анапхгара аоппозиционер цыҧхьаӡа 2 – 3 миллион адоллар идаргалон, дара апарламент иалаларц азыҳәан. Иванишвили  –  Қырҭтәыла амчра мацара акәымкәа, атәыла зегьы знапаҿы иаазгаз аолигарх иоуп. Аха, ажәлар дара убас ирықәыҕәҕәон, аоппозиционерцәа зегьы аҧара мап ацәыркит. Уи крызҵазкәа аиааироуп. Ажәлар абри апарламенгьы анапхгарагьы иқәыргоит», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада.