Михаил Саакашвили – Ауаа еснагь апротест ҟарҵалароуп, ҳара адәахьы ҳаҟазароуп, аҳәынҭқарра акандидат астатус амоур, шәара аиҳабыра рамхра шәылшароуп
«Қырҭтәыла зны ааныркылеит, нас, ирласӡаны шьҭахьҟа идырхынҳәит, ҳара абри зегьы аанкыланы, ирласӡаны ҧхьаҟацара наҳагӡоит. Ауаа еснагь апротест ҟарҵалароуп, ҳара адәахьы ҳаҟазароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили, иахьа иара, анахарала, аӡбаратә процесс далахәын.
Саакашвили иажәақәа рыла, атәыла акандидат астатус амоур, ажәлар аиҳабыра амырхроуп.
«Қырҭтәыла Урыстәыла анапаҿы иҟалоит, ҳара ҵыхәҧҵәала ҳхьыҧшымра ҳцәыӡуеит. Убри аҟынтә, сҩызцәа, адунеи зегьы идҳарбароуп ақырҭуа жәлар уи шырҭахым.
Уажәы иарбанзаалак амбициақәа ираамҭам. Аоппозициатә партиақәа зегьы еидгылароуп! Абри зегьы Путин ишьоуроуп, иара ақәҿиарақәа змоу ақырҭуаа бзиа ибом. Қырҭтәыла ақәҿиара дуқәа азаазгаз 9 шықәса шыҟаз аҳәара ацынхәрас, ҳҿар агәра ддыргар рҭахуп арҭ 9 шықәса ишьаарҵәыраз ашықәсқәа ракәызшәа.
Ҳара апроцессқәа зегьы ҳрылахәызароуп, Европеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳнапаҿы иҟазароуп. Ампыҵахалатә Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәагьы ҳнапаҿы иҟазароуп, Ҧарцхалаӡе иакәӡам уи зыӡбаша. Дара агентцәа ирҿагылам, дара агентура аладырҵәоит. Саргьы урыстәылатәи Ашәарҭадара амаҵзура адҵала ашҳам сырҭеит. Ҳара, хымҧада, абри асистема цәгьа ҳарбгоит. Сара ақырҭуа жәлар рыбзиабареи рыдгылареи сцәа ианыруеит, аха, зегьы реиҳа ихадоу – ақырҭуа жәлар ақәҧара ишазыхиоу збоит», — иҳәеит Саакашвили.