Михаил Саакашвили – Ақырҭуа жәлар рыҽдмырҵысыр, Мишагьы дызрыцхраауам
«Алхрақәа рышьҭахь абри аиҳабыра ҳаҧсахуеит, аха, апарламенттә алхрақәа мацара рышьҭахь, ҳара ҳазынтәгьы алхрақәа ҳхы рылаҳархәыроуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили.
Иара иажәақәа рыла абри амҩа мацароуп Қырҭтәыла аиааира азаазго.
«Америкатә Конгресс аҿы рызынтәгьы исарҳәеит Қырҭтәыла ҳарааҧсеит ҳәа. Ирҳәо акоуп — ҳара гәыкала Қырҭтәыла бзиа иаабоит, аха, ақырҭуа жәлар ахақәиҭреи анормалтә демократиатә системеи рҭахымзар, ҳазлашәыцхраауеи? Ҳара адунеи аҿы имаҷымкәа апроблемақәа ҳамоуп, шәааны ҳазшәыргәамҵуеи? Ҳара ҳхала ҳаҽмырҵысыр, америкауаа изҳацхраауам. Миша дмааир акгьы ҳзыҟаҵом ҳәа шәҳәоит — сара хымҧада исҳәаз ҟасҵоит, аха, сара 2 напыки 2 шьапыки, ҿыки роуп исымоу, ирҭаххап 2 минуҭк рыла сҿы еихаркуеит. Ақырҭуа жәлар рыҽдмырҵысыр, Мишагьы акгьы изыҟаиҵом. Ажәлар ҳаргылароуп, ателееилахәырала алекциақәа раҧхьара мацара иазхом. Ҳәарада, сара Ника Мелиеи игәыҧи срыдгылоит, избанзар, егьырҭ апартиақәа акгьы рылшом. Аҭагылазаашьа зеиҧшроу здыруеит, аинформациа сымоуп», — иҳәеит Михаил Саакашвили.