Михаил Саакашвили – Аоппозициаа ирыдазгалоит аполитикатә активра акзаара акомитет аҧҵара
Михаил Саакашвили – Аоппозициаа ирыдазгалоит аполитикатә активра акзаара акомитет аҧҵара

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаил Саакашвили аоппозициаа ирыдигалоит  аполитикатә активра акзаара акомитет аҧҵара.

Аӡбарҭа аилатәараҿы  Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала,  акомитет иалахәызароуп  20-25ҩык, насгьы, уаҟа еснагьтәи аилацәажәаратә орган иҟазароуп.

«Аоппозициаа еиқәшаҳаҭны аус руроуп, аиқәшаҳаҭзаара иҟамкәа  акгьы ҳзыҟаҵом. Акзаароуп мчыс иҳамоу, сара уи агәра ганы сыҟоуп. Сара аоппозициаа ирыдазгалар сҭахуп  «Амилаҭтә ҵысреи» дареи  аполитикатә активра акзаара акомитет аҧырҵарц, абри аҩыза акомитетқәа Америкагьы иҟоуп. Акомитет иалазароуп  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩи, афракциа ахантәаҩи, амаӡаныҟәгаҩ хадеи, аполитхеилак  ахантәаҩи, иара убас, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәеи. Акомитет далазароуп Софо Џьаҧариӡегьы, уи дысхаҭарнакхоит.

Зыӡбахәы ҳәоу акомитет егьырҭ аполиткиатә мчқәа рҟны адиалог амҩаҧгара ҭыҧны иҟалоит. Ҳара аҽырҭбаареи ақәҧареи алшара ҳамазароуп.  Раҧхьатәи аетапаз акомитет иалахәызароуп  20-25ҩык, насгьы, уаҟа еснагьтәи аилацәажәаратә орган иҟазароуп. Ҳаҧхьаҟа акомитет ахантәаҩы далҳхыр ҟалап, ари азҵаара нас иҳаӡбап», — иҳәеит Саакашвили.