Михаил Саакашвили анахарала аӡбаратә процесс ихы алаирхәит, иара ақырҭшәалеи аукраин бызшәалеи дықәгылеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Михаил Саакашвили изыӡба ахырҧара азҵаара иахәаҧшуеит.
Михаил Саакашвили аклиника «Вивамед» аҟынтә, анахарала аӡбаратә процесс ихы алаирхәит, иара ақырҭшәалеи аукраин бызшәалеи дықәгылеит
«Сыҧсҭазаара зегьы Қырҭтәыла иазыскит, акызаҵәык саҳәоит — иахәҭоу ахәышәтәра сзеиқәдыршәааит. Сҭагылазаашьа еицәахеит. Аиааиранӡа сзымнеир, Киев анышә сарҭароуп, Украиноуп сыҧсы ахьыҟоу», — иҳәеит Михаил Саакашвили.
Иахьатәи апроцессаан адукатцәа рышаҳаҭцәа рҿахәы рымырхуеит. Уажәазы аӡбарҭаҿ аневролог Ҭенгиз Ҵулаӡе иҿахәы имырхуеит.
Адукатцәа Қырҭтәыла ҧасатәи ахада изыӡба ахырҧара иаҳәоит. Аус дахәаҧшуеит аӡбаҩ Гьаргь Ареваӡе.