Михаил Саакашвили амлашьра даҟәыҵит  
Михаил Саакашвили амлашьра даҟәыҵит  

«Михаил Саакашвили амлашьра аҟәыҵразы аӡбара идикылеит», — ари атәы ааицҳаит ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идукат Ника Гварамиа.

«Сара Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара иазҧхьагәаҭаны,  амлакра саҟәыҵырц сыӡбеит», — иануп Саакашвиил ишәҟәы аҟны.

Аамҭакала, Михаил Саакашвили  абри аӡбара анагӡаразы аҳәарақәак иқәиргылеит.

«Амлашьра анеҩс аиҭашьақәыргылара апроцесс уадаҩуп. Глдантәи ахәышәтәырҭаҿы уи азыҳәан аҭагылазаашьақәеи амедицинатәи персонали иҟам. Насгьы,  зыӡбахәы ҳәоу аусбарҭа аусзуҩцәа рыгәра згом,  иахьа ибзиаҵәҟьаны ижәбеит сышдыргәаҟәуаз,  амч рхы ишадырхәоз.  Иара убас,  абра  сшәарҭадара ихьчам,  апсихологиатә ганахьала исықәыҕәҕәоит. Гори иҟоу арратә госпитальгьы шәарҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит,  избанзар уи иазааигәаны Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыхәҭақәа гылоуп. Аҳақьымцәа рконсилиум срыҳәоит амлашьра аамышьҭахь аиҭашьақәыргыларатә курс сахьахысша аклиника алырхырц. Аконсилиум рыӡбара хымҧадатәи аҟазшьаа амазароуп. Дара абри аӡбара анрыдыркылалак, абраантәи иахәҭоу аклиникашҟа саниаргалак, зыҧшра ҟамҵакәа амлашьра саҟәыҵуеит», — иануп Саакашвили ишәҟәы аҟны.