Михаил Саакашвили – Аҳәатәхаҵамра акциақәа Қырҭтәыла инарҭбааны имҩаҧгазароуп
Аҳәатәхаҵамра иацтәи акциа амҽхак дуумызт, абри аҩыза акциақәа Қырҭтәыла инарҭбааны имҩаҧгзароуп, — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада, Украина ареформақәа рзы Анагӡаратә комитет ахантәаҩы Михаил Саакашвили Facebook аҿы.
«Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи, аҳәынҭқарратә институтқәеи, азакәани иҟазшәа ҳҽыҟаҳҵар, абри азакәан ҳаҟәныҟәар, ҳхы ҳжьоит, иара убас, Иванишвили ҳицхраауеит ҳҳәынҭқарра аҵыхәанӡа анышә аҭараҿы.
Ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, иҳҳәароуп аҳәатәхаҵарма азин шҳамоу, ҳхылҵ рҧеиҧш ҳаргәамҵуазар ацивилизациара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәатәхаҵамра шаҳуалу — аҧеиҧш бзиа ҳамазар ҳҭахума? Ахараҧсақәа ҳамшәароуп, аҧкрақәа ҳрықәныҟәамлароуп, дара абри зегьы рҽанрааларатәы иҟаҳҵароуп. Дара ишрыхәаша ала аус зуа аӡбарақәа рықәҵарақәа наҳамгӡароуп, ррепрессиақәа ҳарцәымшәароуп, избанзар ҳара есымша иаҳа-иаҳа ҳрацәахоит, — азакәандареи ацәырҳәреи ашьаҭала ишьақәгылаз рсистема аҵыхәа ҧаҳҵәоит !» — иҩит Саакашвили.