Михаил Саакашвили аӡбаратә процессаҿ аукраин бызшәала дықәгылар иҭаххеит, иара аиҭагаҩ ицхыраарала апроцесс иҽалаирхәоит
Михаил Саакашвили аӡбаратә процессаҿ аукраин бызшәала дықәгылар иҭаххеит, иара аиҭагаҩ ицхыраарала апроцесс иҽалаирхәоит

Азыӡбара ахырҧара азҵааразы Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿы имҩаҧысуа апроцесс аҿы Михаил Саакашвили аукраин бызшәала  дцәажәар иҭахын, аха, аӡбаҩ уи азин иимҭеит. Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала, иара Украина датәылауаҩуп, аукраин бызшәала дцәажәоит.

Аӡбаҩ Гьаргь Ареваӡе анахалара аҿакраан абжьы аҿыхра даҳәеит.

Убри амшала,   „Амилаҭтә ҵысра“ иадгыло Дареџьан Цқвитариа азал аҿы апротест ҟалҵан, ддәылганы   200 лари ахараҧса лықәырҵеит.

Хара имгакәа, Михаил Саакашвили, аиҭагаҩ ицхыраарала апроцесс ихы алаирхәоит. Апроцессаҿ иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа аӡбаҩцәа ирыҳәеит ари азҵаараҿы ирыцхраарц.