Михаил Саакашвили – Адукатцәа  рацәажәара алшара сымам
Михаил Саакашвили – Адукатцәа  рацәажәара алшара сымам

Адукатцәа  рацәажәара алшара сымам, аиҧыларақәа ирызку ауадаҿы асаркьатә ҭӡамц дыргылеит,  Қырҭтәыла абри аҩыза хаангьы иҟамызт, — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook идаҟьаҿы.

«Иахьа инарнкы сдукатцәа  рацәажәара алшара сымам, аиҧыларақәа ирызку ауадаҿы асаркьатә ҭӡамц дыргылеит, уажәшьҭа  адокументқәа реиҭныҧсахлара  ҳалшом.  Қырҭтәылагьы Европагьы абри аҩыза хаангьы иҟамызт.

Аӡбареи апрокуратуреи шыҟамыз аадыруан,  аха,  уажәшьҭа адукатрагьы иҟам!

Иахьа инаркны,  амлакра иадҳәалоу амедицинатә маҵзура зегьы мап ацәыскуеит.

Иҵабыргны иуҳәозар,  сара ақырҭуа абахҭа акәымкәа,  аурыс абахҭа сҭакуп. Иахьа украинатәи аомбудсмен Лиудмила Денисова сылҧылеит. Ларгьы иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла акәымкәа,  Урыстәыла дыҟоушәа лгәы ишабо», — иҩит  Михаила Саакашвили  Facebook аҿы.