Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит 

16:45, 08.04.2026

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит.

Қырҭтәыла ахада иадминситрациа адыррақәа рыла,  аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭәтылеи Китаии рстратегиатә партниорреи ҩ-ганктәи аусеицуреи аҿы иҟоу адинамика бзиа.

Аиҧылараҿы атәыла ахада  „Маҟак мҩак“ аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицуреи Абжьаратә корридор аҿиара аҵаки дазааҭгылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит дара-дара ртәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

 

Еиԥшу