Михаель Рот – Ҭынч ахақәиҭра иазықәҧо ақырҭуаа зегьы срыдгылоит, ишәхашәмыршҭын: «дара ҵаҟа ианылбаауа, ҳара хыхь ҳхалоит», шәымхьаҵын, алхрақәа ааигәахоит

20:42, 28.05.2024

«Қырҭтәылеи Европеи рзы илахьеиқәҵароу мшуп. Қырҭтәыла апарламент атәыла ахада  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иақәылҵаз вето иаиааит. Ҭынч ахақәиҭреи,  адемократиеи,  аҳаҭыри  иазықәҧо ақырҭуаа зегьы срыдгылоит», — иҩит Германтәыла апарламентаҿ иҟоу жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Михаель Рот асоциалтә аҳаҿы.

«Ишәхашәмыршҭын: «дара ҵаҟа ианылбаауа, ҳара хыхь ҳхалоит», шәымхьаҵын, алхрақәа ааигәахоит», — иазгәеиҭеит  Михаель Рот.

Еиԥшу