Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министрболгариатәи  иколлега диҧылеит
Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министрболгариатәи иколлега диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-минситр Иракли Ҕарибашвили, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, болгариатәи  иколлега Кирил Петков диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәии аганрацәалатәи еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиа иалацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәсазы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа риубилеи азгәарҭоит, избанзар Қырҭтәылеи Болгариеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса ҵуеит, арҭ аизыҟазаашьақәа рыбзоурала атәылақәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура иаҳа арҭбааара алшара роуит.

Аиҿцәажәара аан иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәи ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рҿиараҿы иҟоу адинамика бзиеи, атранспорти аенертегикеи акоммуникациатә аимадареи рҿиара аганахьала иҟоу апотенциали.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәии интеграциа апроцесси, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа ареформақәеи, НАТО иаарту ашәқәа аполитикеи, азеиҧш евроатлантикатә шәараҭадара аиқәыршәара аус аҿы Амшын еиқәа ашәарҭадара иамоу аҵаки. Қырҭтәыла аҧыза-министр болгариатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ассоциациатә трио аинициатива адгыларазы, иара ишиҳәаз ала, ари аформат аҵакы ду амоуп  евроинтеграциа апроцесс аҿы аконкреттә алҵшәа бзиақәа раиура амзызла атәылақәа рыхҧагьы ирымоу аҽазышәарақәа рынагӡаразы.