Мирча Џьоане  - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ҳара ҳагәҭа – НАТО аҿы ирҭыҧуп, знымзар зны абасоуп ишыҟало, избанзар, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа зегьы еицызароуп
Мирча Џьоане  - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ҳара ҳагәҭа – НАТО аҿы ирҭыҧуп, знымзар зны абасоуп ишыҟало, избанзар, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа зегьы еицызароуп

«НАТО алахәылацәа Вашингтон имҩаҧысраны иҟоу аиубилеитә саммит азы аҽазыҟаҵара иахьынӡаҿу, ҳара Украина ацхраареи, ҳхыхьчара арҕәҕәареи, ахыхьчаразы ахарџьқәа реизырҳаразы аидгылаҩцәа иҟарҵаз ақәыргәыҕрақәа рынагӡареи, ҳпартниорцәа аус рыцуреи ҳаҿуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирча Џьоане Копенгаген, НАТО Апарламенттә Ассамбелиаҿы данықәгылоз.

«НАТО  еснагь арегионалтә алиансын, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа иаанхоит, аха, ҳара аглобалтә проблемақәа ҳарҭагылоуп. Убри аҟынтә,  ҳшәарҭадара аиқәыршәаразы егьырҭ атәылақәа рҟны ҳпартниорра ахадаратә ҵакы амоуп. Абра, Европаҿ, Молдовеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылаҿ, азинда игылоуп урыстәылатәи арбџьармчқәа,  Босниеи Герцеговинеи урыстәылатәи адезинформациеи, алхрақәа рҽалагалареи, акибержәыларақәеи ахгара ақәшәеит.  Урыстәыла НАТО алахәылацәагьы ирҿагыланы  агибридтә аибашьра ахархәагақәа  ахы анархәоит», — иҳәеит  Мирча Џьоане.

Иара иажәақәа рыла, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи   —  НАТО аҿоуп иахьырҭыҧу.

«Сара Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи  санрылацәажәоз, иаартны исҳәеит арҭ атәылақәа ҳара ҳагәҭа  —  НАТО аҿы ирҭыҧуп ҳәа. Балкантәи атәылақәагьы иҳацзароуп, европатәи евроатланатикатәи аҭаацәара алахәылацәа раҳасабала. Знымзар зны уи шыҟало здыруеит, избанзар, адемократиатә тәылақәа зегьы еицызароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ.