Мичиган Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезиденттә праимериз аҟынтә Дональд Трамп идисквалификациа иазкыз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иақәшаҳаҭымхеит
Мичиган Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезиденттә праимериз аҟынтә Дональд Трамп идисквалификациа иазкыз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иақәшаҳаҭымхеит

Мичиган Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезиденттә праимериз аҟынтә Дональд Трамп идисквалификациа иазкыз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иақәшаҳаҭымхеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Мичиган алхыҩцәа ашшыҧхьыӡ аларҵеит Америка Аконституциа ашьаҭала. Зыӡбахәы ҳәоу ашшыҧхьыӡ 2021 шықәсазы Капитоли ажәылараҿы Трамп инаигӡаз ароль иалацәажәоит.

Трамп асоциалтә аҳаҿы ари аӡбара ирҽхәан,  ишиҳәаз ала,  апрезиденттә праимериз аҟынтә идисквалификациа аҽазкра алхрақәа рҧаршеироуп хықәкыс иамаз.

Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны,  Трамп,   2024 шықәса жәабран   27 рзы Мичиган аштатаҿ имҩаҧысуа ареспубликатә партиа апраимериз ихы алаирхәыр илшоит.  Мичиган аштат  2024 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа раан ахадаратә ҵакы зауа аштатқәа иреиуп.