Мевлуд Чавушоӷлу - Амшын Еиқәа арегион иаҵанакуа атәылақәа Қырҭтәылеи Украинеи рыдгылара нагӡатәуп
Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуд Чавушоӷлу иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҟрым изакәаным аннексиа иазхарҵом, Амшын Еиқәа арегион иаҵанакуа атәылақәа Қырҭтәылеи Украинеи рыдгылара нарыгӡоит.
“Ҳара Урыстәылатәи афедерациаҟны иаарту еизыҟазашьақәа ҳамоуп. Ахада Ердоӷан ахада Путин иҟны гәаартрыла дцәажәеит. Ҳара ҳполитика иҳәаақәҵоуп. Ҟрым изакәаным аннексиа азхаҵараҳгәы иҭам, Амшын Еиқәа арегион иаҵанакуа атәылақәа Қырҭтәылеи Украинеи рыдгылара наҳагӡоит,” – иҳәеит Чавушоӷоу.