Местиа ауааҧсыра афымцала реиқәыршәара аҳәарала амитинг мҩаҧыргоит
Местиа ауааҧсыра афымцала реиқәыршәара аҳәарала амитинг мҩаҧыргоит

Сааҭқәак ҵуеит аҭыҧантәи ауааҧсыра Местиа анеирҭа дыркижьҭеи. Ауаа афымцала реиқәыршәара иаҳәоит.

Акциа алахәылацәа иреиу Ана Чарҭолани Актәи аканал акорреспондент ишиалҳәаз ала, аҵыхәәтантәи 24 сааҭ Местиа афымца рымам. Убри амшала аӡымҩангагақәа ҵаахан, ауаа аҧхаррада иаанхеит.

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы акциа мҩаҧаагеит. Усҟан Местиа ахада Капитон Жоржолиани аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара ҳақәиргәыҕит. Ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруеит амаинерқәа рымшала шакәу афымца шҳамам. Анапхгарагьы ибзианы ирдыруеит амаининг змоу, азинхьчаҩәа ааганы ирымырхааит, мамзаргьы ашахамҩақәа ааныркылааит», — илҳәеит Ана Чарҭолани.

Местиа ахадараҿы ишаарыцҳаз ала, амаинингтә фермақәа хазхаҭалатәи ахаҿқәа иртәуп, урҭ амаинингқәа рымхра азин рызҭаша азакәан иҟам.

Аилахәыра  «Енерго-Про Џьорџьиа» адыррақәа рыла, аӡынразы, амаинерқәа рымшала, Шәантәыла   7 МВт афымца ацынхәрас  27 МВт рхы иадырхәоит, афымцамҩангагақәа рзы ақәыҕәҕәара дууп, убри азоуп уаҟа лассы-лассы алашара здырҵәо.

Аҳолдинг адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Михаил Борцваӡе ишиҳәаз ала, Местиа аҵакырадгьыл аҿы азакәандаратә маининг Аҩадатәи Шәантәыла арегион зегьы ҧырхага азаанагоит.

«Аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны аргама ааҳацҳауеит Аҩадатәи Шәантәыла аенергокризис апроблема шыҳашбо, аконкреттә плани аҧышәеи ҳамоуп, ҳаҧхьаҟа Местиа азакәандаратә маининг ҟалом», — иҳәеит Боцваӡе.