Местиа аадыртит Кавказ зегьы реиҳа иласу ашахамҩатә комплекс   #1TVSPORT

 Местиа, Хацвали ашьхаҿ, аспортсменцәеи, атуристцәеи, ашәаҩаныҟәара бзиа избо ауааҧсыреи рымаҵ ауеит  Кавказ зегьы реиҳа иласу ашахамҩатә комплекс. Жәаҭыҧк змоу агондола сааҭк ала 1800ҩык апассаџьырцәа рымҩангара алшоит. Ашахамҩа  1421 метр аура амоуп.

Қырҭтәыла Ашьхатә курортқәа рҿиара аилахәыра аҿаҵарала апроект нанагӡеит  австриа-швеицариатә еилахәыра  Depolmeier Garaventa Group. Ашахамҩа ҿыц  6 м/с  аласра амоуп, уи Кавказ зегьы реиҳа зыласра дуу ашахамҩоуп.