Украинатәи аруаа Мелитополь    ажәылара рзыруит аурыс ампыҵахалаҩцәа рзы
Украинатәи аруаа Мелитополь ажәылара рзыруит аурыс ампыҵахалаҩцәа рзы

Мелитополь ахада идыррақәа рыла, украинатәи аруаа аурысцәа рыла импыҵахлоу Мелитополь аганахьала ажәылара мҩаԥыргеит. Ахада ишааицҳаз ала, ажәылараан иқәхуп 200-300-ҩык аурыс арратә маҵзуҩцәа.

Запорожиетәи аобласт аҿы аурысцәа иқәдыргылаз агубернатор ажәылара шыҟаз шьақәирӷәӷәеит, аха идыррақәа рыла иҭахеит ҩыџьа, жәаҩыла ахәрақәа роуит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла аннексиа азызуз Ҟрым аҵакыраҿ иҟоу аурыс аруаа рказарма былуеит, ари азы аҭакԥхықәра рхахьы агеит украинатәи апартизанцәа.

Иара убас, ақәԥарақәа нагӡоит Донбас аҟны. Украина аштаб хада аинформациа ала, украинатәи аруаа иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Донбас Урыстәыла ар имҩаԥнагаз 11 жәылара рыҿагылара рылшеит. Урыстәыла Днепропетровски Сумы областқәа рҿы ажәыларақәа нарыгӡоит.

Одессатәи аобласт аҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп. 3.5 миллионҩык афымцалашарада аанхеит.

Аҭыԥантәи напхгара рдыррақәа рыла, афымцалашара аиҭашьақәыргыларазы ҩым-хымз аҭаххар ҟалоит.