Мексика, абахҭа ақәлараан  14ҩык еиҵамкәа иҭахеит
Мексика, абахҭа ақәлараан  14ҩык еиҵамкәа иҭахеит

Мексикатәи ақалақь  Сиудад-Хуарес, абахҭа ақәлараан иҭахеит 14ҩык иреиҵамкәа. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.

АИХ адыррақәа рыла, иҭахеит    10ҩык абахҭа ашәарҭадара аусзуҩцәеи ҧшьҩык абаандаҩцәеи.  Иара убас, 13ҩык ахәрақәа роуит, 24ҩык абаандаҩцәа ибналеит.

Абахҭа иақәлаз ауааҧсыра  макьана идырым.

Апрокуратура аинформациала, ашырҧаз, аҭыҧантәи аамҭала  асааҭ  07:00 рзы, ақәлаҩцәа акәылӡытә машьынақәа рыла абахҭа ааигәараҵәҟьа инеины ахысра иалагеит.