«Сара аиашаӡбара нагӡахап ҳәа сгәыҕуам, апротест ҟаҵаны аӡбаратә зал аансыжьуеит», — иҳәеит Арратә полициа адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Мегис Қардава, иахьа ақалақьтә аӡбарҭаҿы иус еилдыргон.
«Сареи сҩызцәеи Қырҭтәыла ашәарҭадара ҳахьчон. Абри аус аполитикатә ашьаҭа аҵоуп. Аршаҳаҭгақәа ҧаршеиуп», — иҳәеит Қардава.
Иахьатәи апроцесс аҿы Ельдар Қобалиеи, Мераб Колбаиеи, Коба Маткавеи рыргәаҟра аус иахәаҧшуеит.
Мегис Қардава Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изун цәыббра 17 рзы. Қардава 5 уск рзы азыӡба иоухьеит, 6-тәи аус азы аусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит.