Меҭиу Миллер - Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҽырыҧсахуеит, акрызҵазкуа аполитикатә лҵшәақәа ҳамоуп, ари ариторика мацараӡам, ари иазку адыррақәа шәоуеит, аха иахьа уаҳа акгьы сызҳәом
Ҩымчыбжь раԥхьа иҟаҳҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ирыдыркылаз азакәан иазыԥхьагәаҭаны, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҽырыҧсахуеит. Акрызҵазкуа аполитикатә лҵшәақәа ҳамоуп, ари ариторика мацараӡам, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикет Меҭиу Миллер.
“Ихаҩсыз ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла ацхыраара аҳасабла аиуз 390 миллион доллар азҵаара аиҭахәаԥшра ҳаҿуп. Апотенциатә санкциақәа, авизатә аԥкрақәа рполитика ҳрызхәыцуеит. Ари зегьы анагӡара азҵаара аҭҵаара ҳаҿуп. Ари иазку адыррақәа шәоуеит, аха иахьа уаҳа акгьы сызҳәом”, – иҳәеит Миллер.
Меҭиу Миллер иажәақәа рыла, ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Аҳәынҭдепартамент аҳасабырба анализ азиуеит, агентрақәа рхаҭарнакцәа рҟны аконсультациақәа рышьҭахь, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ аӡбара идикылоит.