Мчыбжьыктәи адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 602-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 697-ҩык, аӡәы дыԥсит
Мчыбжьыктәи адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 602-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 697-ҩык, аӡәы дыԥсит

Мчыбжьыктәи (09.05-15.05.2022) адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 602-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 697-ҩык, аӡәы дыԥсит. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, иларҵәоуп омикрон B.A.2 аштамм.

Бжьымш рыла иҟаҵан 97 625 атестқәа, урҭ рҟынтә антиген азы атест –  86 222, „PCR“ атест – 11 403.

Бжьымштәи аҵоура арбага 0.62% иаҟароуп.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы (02.05-08.05.2022) Қырҭтәыла акоронавирус 745-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 984-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит ааҩык апациентцәа.