Махачкала, абылтәыҭаҭәарҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәараан 12-ҩык ҭахеит, 56-ҩык ахәрақәа роуит
Махачкала, абылтәыҭаҭәарҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәараан 12-ҩык ҭахеит, 56-ҩык ахәрақәа роуит

Урыстәыла, Даӷьсҭан аҳҭнықалақь Махачкала, абылтәыҭаҭәарҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәараан 12-ҩык ҭахеит, 56-ҩык ахәрақәа роуит, – аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.

Аинформациа аҿы ишазгәаҭоу, аԥжәара амзыз идырым.

“Иҟоу адыррақәа рыла, 12-ҩык ҭахеит, урҭ иреиуп ҩыџьа ахәыҷқәа, 56-ҩык ахәрақәа роуит”, – аарыцҳаит аихқәа.