Мариам Қвривишвили - Местиатәи аҳаирбаӷәаза арҭбаареи аинфраструктуратә аҿиареи аиҳабыра априоритетқәа иреиуп
Мариам Қвривишвили - Местиатәи аҳаирбаӷәаза арҭбаареи аинфраструктуратә аҿиареи аиҳабыра априоритетқәа иреиуп

Аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, 2025 шықәсазы  Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу атерминал ҿыц дыргылоит.

Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Мариам Қвривишили лажәақәа рыла, Местиатәи аҳаирбаӷәаза арҭбаареи аинфраструктуратә аҿиареи аиҳабыра априоритетқәа иреиуп.

Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿы идыргылоу ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу атерминал ҿыц  Шәантәыла атуристцәа рхыҧхьаӡара иаҳа аизырҳареи арегион аҿиареи  иацхраауеит.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, атерминал апроект аԥҵаразы ирылаҳәаз аконкурс рхы аладырхәит 18 претендент еилахәырақәа, урҭ рҟынтә иреиӷьу проектс иԥхьаӡан аилахәыра Green Studio  апроект.