Мариам Қвривишвили – Ақырҭуа џьармыкьаҿ аус руеит  50 инареиҳаны авиаеилахәырақәа, дара  60 раҟара ахырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧыргоит, уи абзоурала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлеит
Мариам Қвривишвили – Ақырҭуа џьармыкьаҿ аус руеит  50 инареиҳаны авиаеилахәырақәа, дара  60 раҟара ахырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧыргоит, уи абзоурала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлеит

«Қырҭтәыла аиҳабыра рплан иашеи рстратегиеи инақәыршәаны, ҳтәылаҿы атуризми авиациеи аиндустриа аҿиара иаҿуп,  ирласӡаны апандемианӡатәи аҩаӡара иазыхынҳәуеит», — илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Мариам Қвривишвили Атуризм амилаҭтә администрациа ицәырыргаз астатистикатә дыррақәа данрылацәажәоз, арҭ адыррақәа инрықәыршәаны,  ажьырныҳәа инаркны рашәаранӡа Қырҭтәыла иаҭааит 2 860 117ҩык жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа.

Мариам Қвривишвили ишазгәалҭаз ала,  2022 шықәсатәи адыррақәа ирҿоурҧшыр, аныҟәаҩцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 59,6%-ла.

«Иахьазы ақырҭуа џьармыкьаҿ аус руеит  50 инареиҳаны авиаеилахәырақәа, дара  60 раҟара ахырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧыргоит, уи абзоурала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлеит. Ҳара, есымза аныҟәаҩцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара ҳазҿлымҳауп, Евроеидгылеи Перисатәи аӡыбжьахалеи атәылақәа рҟны ишиашоу аимадара ҳтәылашҟа иаҳа ирацәаны атуристцәа рыдаҧхьалара иацхраауеит», — илҳәеит аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ.