Мариа Захарова - Иҟоу ареалра иазыԥхьагәаҭаны, Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азыхиоуп
Иҟоу ареалра иазыԥхьагәаҭаны, Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азыхиоуп, – илҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахаҭарнак Мариа Захарова.
Захарова лажәақәа рыла, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара мап ацәнамкӡеит.
“Ҳара уаанӡа ишыҟаз еиԥш аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ҳазыхиоуп, мап ахаан ҳамҳәаӡаҵт. Иҟоу ареалра иазыԥхьагәаҭаны, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ҳазыхиоуп”, -илҳәеит Захарова.