Мариа Бурич – Қырҭтәылеи Европа Ахеилаки русеицура ҕәҕәоуп, ареформақәа рхырхарҭала имҩаҧгаз аусура ду ахә ҳшьоит

13:05, 30.06.2023

 

«Ареформақәа рхырхарҭала имҩаҧыжәгаз  аусура ду ахә ҳшьоит, ари адгылара иаҳа иҕәҕәахоитт», — илҳәеит Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Мариа Пеичинович-Бурич Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии лареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Европа Ахеилаки русеицура ҕәҕәоуп.

«Қырҭтәылеи Европа Ахеилаки русеицура ҕәҕәоуп. Шәтәыла аиҳабыра ашықәс анҵәамҭанӡа ицәыргатәу ауснагӡатәқәа рплан иадгылоит, ари аплан  иарбоуп акоррупциа аҿагылареи, аӡбаратә реформеи, асексуалтә мчылареи аҳәса рзы амчылареи  иаҿагыло азакәанҧҵареи.

Ҳара Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәагьы, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ҳрызхәыцуеит, даргьы ҳаҧхьаҟа аконсолидациазы изхиазар ҳҭахуп. Зҵакы дуу зҵаарақәак сырзааҭгылар сҭахуп, лымкаала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа урыстәылатәи аҳәынҭқарразы иаднакылаз ақәҵара, Урыстәыла ари ақәҵара нанагӡароуп. Урыстәыла  10 миллион евро акомпенсациа ашәара иауалуп. Аҵыхәтәантәи аӡбаратә процесс  — Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы, ахыркәшаранӡа инеихьеит, жәларбжьаратәи зин инақәырәшаны, Урыстәыла абрҭ ақәҵарақәа нанагӡароуп. Ареформақәа рхырхарҭала имҩаҧыжәгаз аусура ду ахә ҳшьоит, ари адгылара иаҳа иҕәҕәахоит», — илҳәеит  Мариа Пеичинович-Бурич.

 

Еиԥшу