Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи реиԥылара хыркәшоуп
Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи реиԥылара хыркәшоуп

Акоалилциа “Иӷәӷәоу Қырҭтәыла” алидер Мамука Хазараӡеи апартиа “Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариеи реиԥылара хыркәшоуп.

Аиԥылара асасааирҭа “Олд ҭаун” аҿы мҩаԥган.

Гьаргь Гахариа ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, ахада лхан ашҟа ддәықәлоит.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рахь ааԥхьара ҟалҵеит цәыббра 17 рзы аконсультациақәа рзы Орбелианиаа рхан ахь инеирц.

Мамука Хазараӡе “Феисбук” аҿы ишааицҳаз ала, Гьаргь Гахариа иҟны ишиашоу аиԥылара ашьҭахь, ахада лҟны аиԥылара дазыхиоуп.