Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи апрезиденттә аханаҿ аиҧылара мҩаҧыргоит
Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи апрезиденттә аханаҿ аиҧылара мҩаҧыргоит

 

Қарҭ, Орбелианиаа рханаҿ, акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидер  Мамуки Хазараӡеи апартиа  «Қырҭтәылазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариеи реиҧылара мҩаҧысуеит.

Уаанӡа Гахариеи Хазараӡеи акаҳуажәырҭаҿ еиҧылеит.

Аиҧылара ашьҭахь ишеилкаахаз ала,  Хазараӡеи Гахариеи рпартиақәа реидҵаразы изеиқәшаҳаҭымхеит, аха, аконсультациақәа нагӡахоит.

Цәыббра 16 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа реидҵара рыбжьалган, аконсультациақәа рзы Орбелианиаа рханашҟа дрыҧхьеит.