Мамука Хазараӡе – Жьҭаара 26 рзы ақырҭуа жәлар Қырҭтәылаҿ аурыс политика иаиааироуп, ҳара Европоуп иахьаҳҭыҧу, хара имгакәа ақырҭуа жәлар аиааира ргоит
“ Жьҭаара 26 рзы ақырҭуа жәлар Қырҭтәылаҿ аурыс политика иаиааироуп, ҳара Европоуп иахьаҳҭыҧу, хара имгакәа ақырҭуа жәлар аиааира ргоит”, – иҩит Лело анапхгаҩы Мамука Ҳазараӡе Феисбуқ аҿы.
Хазараӡе ишиҩуа еиԥш, ақырҭуа жәлар риааира ааигәоуп.
“1. Америка-ақырҭуа арратә зыҟаҵарақәа рыԥыхра; 2. Евроеидгыла ҳбџьармчқәа ирзоунажьҭуаз арратә цхыраара аанкылара; 3. Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылара иазкны Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа; 4. Қырҭтәылаҿ апроектқәа рымҩаҧгаразы афинанстә цхыраара аанкылара иазкны Грмантәыла иаднакылаз аӡбара. Абри зегьы ҟалеит аҵыхәтәантәи хымш рыла. Биӡина Қырҭтәыла хырхарҭас иаиҭо иазкны зҵаарак ззаанхаз аӡәыр дыҟоума? Жьҭаара 26 рзы ақырҭуа жәлар Қырҭтәылаҿ аурыс политика иаиааироуп, ҳара Европоуп иахьаҳҭыҧу, хара имгакәа ақырҭуа жәлар аиааира ргоит, — иҩит Мамука Хазараӡе.