Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, Гахариа иқәиргылаз аҳәарақәа дрықәшаҳаҭым
Мамука Хазараӡе иҳәамҭала, Гахариа иқәиргылаз аҳәарақәа дрықәшаҳаҭым

Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидер  Мамука Хазараӡе иҳәамҭала,  апартиа  «Қырҭтәылазы»  ахантәаҩы Гьаргь Гахариа апартиақәа реидҵаразы иқәиргылаз аҳәарақәа дрықәшаҳаҭым.

Хазараӡе игәаанагарала,  Гахариа иқәиргылаз аҳәарақәа,  атехникатәи аиуристтәи ганахьала рынагӡара ҟалом.

«Ҧаса аимак ахьҳамаз аҟынтә,  ҳҩыџьагьы асиа ҳанымзар еиҕьзар ҟалап ҳәа агәаанагара иҟан. Иара уи дақәшаҳаҭымхеит. Нас,  сара иасҳәеит,  акомпромисс аҳасабала ари апункт аҧсахра сшазыхиоу. Иацы уи шьақәсырҕәҕәеит,  асиа данызар иҭахызар,  саргьы сҽанысҵоит ҳәа иасҳәеит. Насгьы,  зҵакы дуу даҽа зҵаарак иҟан,   ҳара ҳаидҵара алахылацәа  «Ақырҭуа гәахәтәы» реиҳабыра иалазар ҟалом, ҳара ҳхала аиҳабыра еиқәҳаршәароуп,  егьырҭ азҵаарақәа зегьы алхрақәа рышьҭахь иӡбазароуп.  Гахариа акәаҧ иргыланы,  аоперациа ҷыда еиҧшу ажәалагалақәа  ҟаиҵеит.  Апрактикала иуҳәозар,  уаанӡа иҳаргылоз зегьы арбгара иҽазикит.  Ҳара иахьагьы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳазыхиоуп,  аха,  ишызбо ала,  уи зыҟалом. Уаҵәы алхраҧхьатәи акампаниа наҳагӡоит,  Урыстәыла иадгыло аиҳабыра Қырҭтәылантә ралцаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Хазараӡе.

Иахьатәи абрифинг аҿы Гьаргь Гахариа Мамука Хазараӡе иҟны аиҿцәажәарақәа рынагӡаразы абарҭ аҳәарақәа иқәиргылеит: 1. Анеитралтә политикатә платформа, уи зегьы ирзыманшәалоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит; 2. Аӡбарақәа рыдкыларазы иашоу апаритеттә принцип; 3. «Ақырҭуа гәахәтәи», иара убас  «Амилаҭтә ҵысреи» рҟны акаолициа ақәиҭымтәра апринцип».