Мамука Хазараӡе  -  1000 лари аҟынӡа атәанчахә аизырҳаразы иҟоу алшарақәа иреиуп ахәмарратә бизнес  25 наӡына ашәахтә азышьақәыргылара
Мамука Хазараӡе  -  1000 лари аҟынӡа атәанчахә аизырҳаразы иҟоу алшарақәа иреиуп ахәмарратә бизнес  25 наӡына ашәахтә азышьақәыргылара

Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа»  алхраҧхьатәи кампаниаҿ ахадаратә зҵаарақәа иреиуп  1000 лари аҟынӡа атәанчахә аизырҳара. Акаолициа алидерцәа атәанчахә аизырҳара иазкны ажәлар аинформациа рырҭоит. Иахьа Мамука Хазараӡе атәанчуаа дырҧылан, рызҵаарақәа аҭак риҭеит.

«Қырҭтәыла ҕәҕәа» аинформациа инақәыршәаны, апрограмматә документ ахыркәшареи атәанчуаа рҭагылазаашьа аиҕьтәреи азыҳәан, акаолициа абарҭ ашьаҿақәа ҟанаҵоит: атәанчахә  1000 лари аҟынӡа аизырҳара; ахәмарратә бизнес иақәыз ашәахтә 15 наӡына аҟынтә  25 наӡынанӡа аизырҳара; атәанчаратә кредитқәеи аовердрафтқәеи рхархәара асистема аҧыхразы  иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵара уҳәа, убас егьырҭгьы.