Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит
Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит, иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе Баҭым ажурналистцәа данрацәажәоз.
Мдинараӡе ишиҳәаз ала, иара европатәи аколлегацәа дрыҳәоит цқьа еилыркаарц Михаил Саакашвили ибзианы ихцәажәо ауааҧсрыа шракәу атәыла аҩныҵҟа антиевропатәи гәалаҟазаарақәа реизырҳара иацхраауа.
«Убри аҟынтә, абри ауаҩы амодернизатори ҳаамҭазтәи ақырҭуа политика аҧҵаҩи иаҳасабала даадырҧшыр рҭахызар, ақырҭуа жәлар уи иақәшаҳаҭхом. Европатәи ҳколлегацәа, Саакашвили идгылаҩцәа еилыркаар сҭахуп аӡәыр антиевропатәи агәалаҟазаарақәа рцәырҵра дацхраауазар, раҧхьа иргыланы, дара шракәу», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.
Жәабран 28 рзы Европарламент 2 резолиуциак аднакылеит, урҭ рҟны Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭақәа ҟаҵан. Иара убас, Европарламент адепутат Анна Фотига аалыцҳаит лара лыҳәарала Европарламент арезолиуциашҟа аҧсахра шалагалаз, уи аҿы Фотига Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟалҵеит Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхырц.