Мамука Мдиинараӡе - Украинатәи аибашьра еицтәараны, Қырҭтәыла агибридтә аибашьра цоит
“Ақырҭуа гәахәтәы” анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, импыҵахалоу Аахыҵ Уаԥстәыла де-факто алидер Анатоли Бибилов иҳәамҭа алхраԥхьатәи хықәкқәа амоуп.
Импыҵахалоу Аахыҵ Уаҧстәыла дефакто алидер Анатоли Бибилов иҳәамҭала, «хара имгакәа Аахыҵ Уаҧстәыла Урыстәыла алаларазы аиуристтә шьаҿақәа ҟанаҵоит».
Мдинараӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҭынчратә политика иаҿагыланы агибридтә аибашьра мҩаԥыргоит.
“Иахьа Қырҭтәыла агибридтә аибашьра цоит. Украина Урыстәыла имҩаԥнаго иаарту агрессиа иубарҭоуп, аибашьра цоит, аруаа, аҭынч тәылауаа ҭахоит, Қырҭтәыла агибридтә аибашьра цоит. Зны-зынла уи рхы аладырхәоит атәыла аҩнуҵҟа иҟоу аоппозициа ҳәа зышьҭо ауаа, урҭ ртелехәаԥшрақәа, атәыыла анҭыҵ ампыҵахалаҩцәа рхаҭарнакцәа, урҭ иреиуоуп импыҵахалоу Аахыҵ Уаҧстәыла дефакто алидерцәа. Ҳара аҭынчратә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны адеоккупациа мҩала ныҟәара наҳагӡоит. Ари ҳашьцәеи ҳәаҳәшьцәеи, ҳтерриториақәеи рырхынҳәразы мҩа заҵәык ауп,” -иҳәеит Мдинараӡе.