Мамука Бахтаӡе  - Сара баша тәылауаҩк иҳасаб ала, иацы избеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ацәгьаура ду аҧыхра шрылшаз, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп
Мамука Бахтаӡе - Сара баша тәылауаҩк иҳасаб ала, иацы избеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ацәгьаура ду аҧыхра шрылшаз, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп

Сара баша тәылауаҩк иҳасаб ала, иацы избеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ацәгьаура ду аҧыхра шрылшаз, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп , –  иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаланарҵәаз аудионҵамҭа иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  апрокуратура ашаҳаҭгақәа рыҭҵаара иаҿауп, нас, абри зегьы иашьашәалоу азинтә ақәҿыҭра аиуеит.

Иацы Аҳәынҭқарратә әшарҭадара амаҵзура ишаанацҳаз ала, Малхаз Мачаликашвили, атеррористтә акт еиҿкааны, Сосо Гогашвилии иҭаацәара алахәылацәеи рышьра иҽазикит. иара убас. ашәарҭадаратә маҵзура, Малхаз Мачаликашвилии уи иашьаиҧеи  реиҿцәажәара аудионҵамҭа иаланарҵәеит. Аусбарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала. Малхаз Мачаликашвилии уи иашьаиҧеи атерракт аиҿкаара иалацәажәон.