Қырҭтәыла атәылауаа зегьы, авизалиберализациа рхы ианадырхәо, аҭакҧхықәра ҷыда рхы иадырҵароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе авизалиберализациа аанкылара ашәарҭа даналацәажәоз.
მИара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла авизалиберализациа азааныркылар ауеит ҳәа ирҳәо зегьы изакәызаалак шьаҭак аҵам.
„Ҳәарада, уи ииашам. Ҳара авизалиберализациа ҳаналацәажәо, Европаҟны ассоциациа аиқәшаҳаҭра ҳаналацәажәо, уи џьоукы ракәӡам изыбзоуроу. Уи ақырҭуа ҳәынҭқарра аихьӡароуп. Ҳара ҷыдала уи ҳаиҷаҳароуп. Қырҭтәыла атәылауаа зегьы, авизалиберализациа рхы ианадырхәо, аҭакҧхықәра ҷыда рхы иадырҵароуп. Ҳәарада, ари апроцесс мҩаҧысуеит, аха атәылауаа зегьы агәра дсыргар сҭахуп Қырҭтәыла авизалиберализациа азааныркылар ауеит ҳәа ирҳәо зегьы изакәызаалак шьаҭак шаҵам”, – иҳәеит Мамука Бахтаӡе.