Мака Боҷоришвили – Иахьа Бриуссель, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа реиҧылараҿы, раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшуеит
Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыдҳәалоу апроцессқәа ирласны имҩаҧысуеит. Азыҳәамҭақәа рыхәаҧшра иалагахьеит, — ари атәы аалыцҳаит евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшуеит Бриуссель имҩаҧысуа Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа реиҧылараҿы.
«Ари аиҧылара аҵакы ду амоуп. Ишыжәдыруа ала, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқарра рықәшаҳаҭра ҳҭахуп. Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи акандидат-тәыла астатус ранаршьар, ҳара Евроеидгылаҟны аизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц ахь ҳаиасуеит, нас, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагароуп иаҳзаанхо. Ҳәарада, уи кыраамҭа инагӡахо, иуадаҩу процессуп. Раҧхьа иргыланы, уи Қырҭтәыла имҩаҧгахо ареформақәа ирхьыҧшуп, насгьы, ҳпартниорцәа рыдгыларагьы ҳҭахуп», — илҳәеит Боҷоришвили.