Мака Боҷоришвили - Евроеидгыла асанкциақәа Қырҭтәылаҿ реилагара ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит
Евроедгыла асанкциақәа рпакет ҿыц шьақәырӷәӷәоуп, уи асанкциақәа реилагара амҩақәа рыркра иазкәп, – илҳәеит Евроинтеграциа акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили.
Боҷоришвили лажәақәа рыла, Евроеидгыла арҭ азҵаарақәа икылкааны иацклаԥшуеит, ари иазкәп Евроеидгыла ахаҭарнак Қырҭтәылахь ивизит.
„Ари Евроеидгыла апартниорцәа рҟны адиалоги аконсультациақәеи рымҩаԥгаразы ҟаҵоуп, Евроеидгыла асанкциақәа Қырҭтәылаҿ реилагара ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Қырҭтәыла ахәшьара бзиақәа изныкымкәа аиухьеит“,- илҳәеит Боҷоришвили.
Асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Девид О’Саливан ҩымштәи авизитла иахьа Қарҭ даҭаауеит. Девид О’Саливан Қырҭтәыла анапхгара раҟны азеиԥш интересқәа рсфера иалоу азҵаарақәа дрыхцәажәоит, ҷыдала асанкциақәеи урҭ иеффекту рынагӡареи.