Мака Боҷоришвили Болгариа ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиԥырҵратә аиԥылара мҩаԥылгеит
Рашәара 1 азы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла здипломатиатә миссиа хзыркәшо аҷыдалкаатә зинмчы змоу Болгариатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Веселин Валканов диԥылеит.
Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, аиԥылараҿы аганқәа ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа амш аусхәаԥштә иалоу азҵаарақәа ирыхәԥашит. Ҷыдала иазааҭгылеит Амшын Еиқәа арегион аҟны аусеицура аҵаки Евроеидгылаҟны еизыҟазаашьақәеи.
Аминистр ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла имиссиазы ҭабуп ҳәа иалҳәан, ақәҿиарақәа изеиӷьалшьеит.