Мака Бочоришвили – Абжьагарақәа реиҳара инагӡоуп, Евроеидгыла Қырҭтәыла астатус анашьап ҳәа ҳгәыҕуеит
«Ҳара Евроеидгылантә иҳауз 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, иахьа ишьақәҳарҕәәҕар ҳалшоит абжьагарақәа реиҳара шынаҳагӡахьоу», — илҳәеит Европаҟны аинтеграциазы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили Бриуссель иаадыртыз Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциациа апарламенттә комитет 12-тәи аиҧылараҿы данықәгылоз.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟанаҵеит Евроеидгыла азааигәахаразы.
«2014 шықәса инаркны иахьанӡа Қырҭтәыла акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟанаҵеит Евроеидгыла азааигәахара ахырхарҭала.
Ҵыҧх Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьан, ари аӡбара аҵак ду амоуп европатәи ҳгәахәтәы анагӡаразы. Ҳара Евроеидгылантә иҳауз 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, иахьа ишьақәҳарҕәҕәар ҳалшоит абжьагарақәа реиҳара шынаҳагӡахьоу. Евроеидгыла Қырҭтәыла астатус ананашьап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Мака Бочоришвили.