Маик  Помпео –  Баиден иадминистрациа аҧсыҽра амшала Украина шәнызқьҩыла ауаа ҭахеит, миллионҩыла ауаа ахҵәараҿы иҟоуп, атәыла аиааиразы иаҭаху аресурсқәа рыда иаанхеит  
Маик  Помпео –  Баиден иадминистрациа аҧсыҽра амшала Украина шәнызқьҩыла ауаа ҭахеит, миллионҩыла ауаа ахҵәараҿы иҟоуп, атәыла аиааиразы иаҭаху аресурсқәа рыда иаанхеит  

 

«Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Маик Помпео  Дональ Трамп Украиназы еиқәиршәаз  «аҭынчратә план» дахцәажәеит», — ари атәы иануп  The Wall Street Journal аҿы.

Помпео иажәақәа рыла,  «Ареспубликатә партиа аҟынтә акандидат алхрақәа рҿы аиааира игар, Украина акапитулиациа ишабжьиго зыршаҳаҭуа афактқәа  иҟам.

«Баиден иадминистрациа аҧсыҽра амшала, Украина ақалақьқәа ирбгоуп,  шәнызқьҩыла ауаа ҭахеит, миллионҩыла ауаа ахҵәараҿы иҟоуп, атәыла аиааиразы иаҭаху аресурсқәа рыда иаанхеит», — иҳәеит  Помпео.

Иара иажәақәа рыла,  Трамп иадминистрациа аҟынтә Украина  «ақәҿиара аплан» абарҭ апунктқәа рыла ишьақәгылоуп: Америка аенергетикатә потенциал аартра, Саудтәи Аравиеи Израили рҟны аимадарақәеи аусеицуреи аиҭашақәыргылара; Урыстәыла  ареалтә санкциақәа азышьақәыргылара, лымкаала, урыстәылатәи абанкқәа рзы азинҷыдақәа раҧыхра, дара русура афымца ааглыхра иадҳәалазар; америкатә ахыхьчаратә ааглыхра аҧҵареи ахыхьчара арҕәҕәара азыҳәан НАТО аҟынтә  аидгылаҩцәа  аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 3%  рымхреи; Украиназы 500 миллиард адоллар иаҧсоу асистема  «ленд-лиза» аҧҵара, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Украина амалаҳа акәымкәа,  акредит асахьала аҧара азоушьҭра; Украина иаиуа абџьар азы аҧкрақәа раҧыхра.

«Абарҭ ашьаҿақәа рышьаҭала  Трамп аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ҳәаақәиҵар илшоит.  Урыстәылала ала украинатәи аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи раннексиеи аӡәгьы иазхеиҵом», — иҳәеит  Маик Помпео.