Маиа Санду Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵакы дуу аетап рыдылныҳәалеит
Саломе Зурабишвили ҭелла санлацәажәоз, лареи ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵакы дуу аетап рыдысныҳәалеит, — илҩит Молдова ахада Маиа Санду асоциалтә аҳа Twitter аҿы.
Европатәи акомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус арҭарц.