Маиа Санду - Молдова  ахатә ҵакырадгьыл ала Урыстәылазы атауарқәа рреекспорт иақәшаҳаҭхом
Маиа Санду - Молдова  ахатә ҵакырадгьыл ала Урыстәылазы атауарқәа рреекспорт иақәшаҳаҭхом

Молдова ахада Маиа Санду лҳәамҭала, Молдова   ахатә ҵакырадгьыл ала Урыстәылазы атауарқәа рреекспорт иақәшаҳаҭхом

Санду ишазгәалҭаз ала, Молдова урыстәылатәи аенергоресурсқәа ирхьыҧшуп, убри аҟынтә, Урыстәыла иаҿагылоу жәларбжьаратәи асанкциақәа ирылахәым, аха, Молдова анапхгара Молдова  ҵакырадгьыл ала Урыстәылазы атауарқәа рреекспорт иақәшаҳаҭхом.

Атәыла ахада ишылҳәаз ала, Урыстәылеи Молдовеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа рҿы 3 хырхарҭак иҟоуп  – афинанстә усхкы аҿы аусеицуреи, молдоватәи атауарқәа рекспорти, урыстәылатәи агаз аахәареи.