Маиа Санду - Молдова анеитралтә статус аԥыхреи арратә алианс алалареи ирызку азҵаара ахәаԥшуеит
Молдова анеитралтә статус аԥыхреи арратә алианс алалареи ирызку азҵаара ахәаԥшуеит. Ари атәы “Политико” аинтервиу аҟны иазгәалҭеит Молдова ахада Маиа Санду.
Маиа Санду лажәақәа рыоа, Урыстәыла Украинаҿ алагаз аибашьра Молдоваҿ имариам адискуссиа ахылҵит – атәыла ахатә шәарҭадара ахьчара алшо алымшо.
“Уажәы атәылахьчаратә ҳалшарақәа ирызку адискуссиа ҳамоуп, иҳаӡбароуп ҳара ҳхала иҳалшо иҳалымшо ҳтәыла ахьчара, алианс ҳалало ҳаламло. Ари аӡбара ҳадаҳкылозар, анеитралтә статус ҳаԥсахроуп”, – илҳәеит Молдова ахада.