«Аҵыхәтәантәи 12 шықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Молдова даҭааит. Сынтәа ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра азгәаҳҭоит», — илҳәеит Молдова ахада Маиа Санду Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии лареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.
Санду ишылҳәаз ала, Саломе Зурабишвили Қырҭтәылеи Молдовеи реизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аалыртып ҳәа дгәыҕуеит.
Убри адагьы, Маиа Санду Украина имҩаҧысуа аибашьра дазааҭгылан, ишылҳәаз ала, Қырҭтәылеи Молдовеи Украина иадгылоит, аибашьра иацәцаз украинаа ахыҵакырҭа рыдаргалоит.
Маиа Санду лажәақәа рыла, жәларбжьаратәи ауаажәларра иаҭаху зегьы ҟарҵароуп урыстәылатәи агрессиа аанкылареи Украина аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи азыҳәан. Лара ишазгәалҭаз ала, Украина аҭынчра ҟамлар, Европагьы аҭынчра зыҟалом.
«Агрессиеи ашәареи аиааира ргаратәы азин раҳҭом», — илҳәеит Молдова ахада.