Лондон, Букингемтәи ахан аԥхьа аҳ Чарльз III икоронациа абаразы ауаа еизоит
Лондон, Букингемтәи ахан аԥхьа аҳ Чарльз III икоронациа абаразы ауаа еизоит

Лондон, Букингемтәи ахан аԥхьа аҳәынҭқар, аҳ Чарльз III икоронациа ацеремониа мҩаԥысуеит. Ацеремониа ахәаԥшразы Британиа Дуи адунеи зегьы рҿы миллионла ауааԥсыра  рҽазыҟарҵоит.

Аофициалла, акоронациа Букингемтәи ахан аҟынтә Вестминстертәи аббатрахь аныҳәатә ныҟәарала иалагоит, уи рхы аладырхәоит 200-ҩык рҟынӡа арратә маҵзуҩцәа. Иҵегьы 1000-ҩык арратә маҵзуҩцәа акоронациа аныҳәатә ныҟәара ахьымҩаԥысуа амҩаҿ дыргылоит.

Букингемтәи ахан ахь иааԥхьаз асасцәа рзы атрибунақәа еиҿкаан.

Чарльз ахԥатәи икоронациа Вестминстертәи аббатраҿ мҩаԥысуеит, уа аҳ аҭоуба шьҭеиҵоит. Чарльз Еидҵоу акралра ҩынҩажәатәи монарх иоуп, агәыргьын Вестминстертәи аббатраҿ ихарҵоит, уи ашьҭахь аҳәынҭқаритәарҭаҿ дықәдыртәоит. Ари апроцесс ихы алаирхәоит Кентербертәи архиепископ. Чарльз инеҩс аҳәыҭқаритәарҭаҿ дхалоит аҳкәажә Камилла.

Аконорациа ацеремониа ашьҭахь апланқәа ирылоуп Лондонтәи Тауер аҟынтә 62 ныҳәатә хысра рынагӡара.

Чарльз Еидҵоу акалра аҳәынҭқаритәарҭа аҳкәажә Елизавета аҩбатәи лыԥсра ашьҭахь ааникылоит. Елизавета аҩбатәи лыԥсҭазаара далҵит 2022 шықәса цәыббра 8 рзы.