Леван Хаберишвили  - Ахьаҵра сгәы иҭам, ҳаҧхьа идыргыло абаррикадақәа сзааныркылом, иаҭаххар, Саакашвили амч ахархәарала дҭаҳгоит
Леван Хаберишвили  - Ахьаҵра сгәы иҭам, ҳаҧхьа идыргыло абаррикадақәа сзааныркылом, иаҭаххар, Саакашвили амч ахархәарала дҭаҳгоит

Араионқәа зегьы, арегионқәа зегьы рҿы Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра аофисқәа ааҳартуеит.   Ауаа даҽа қалақьк ашҟа рнагара сгәы иҭам, уажәы ари аус ҳзыҟаҵом, азакәан ҳзеилагом ҳәа аҳәара сгәы иҭам, – иҳәеит  „Амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидат Леван Хабеишвили.

Иара иажәақәа рыла, „атәылаҿы изакәаным анапхгара аныҟоу, аолигарх Иванишвили даныҟоу, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара Иванишвили дангылоу,  дара иҟарҵалакгьы, азакәантә мчы амазаауеит“.

Леван Хабеишвили ишиҳәаз ала, ахьаҵра игәы иҭам, абаррикадақәа зегьы дырхысуеит.

„Араионқәа зегьы, арегионқәа зегьы рҿы Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра аофисқәа ааҳартуеит.   Ауаа даҽа қалақьк ашҟа рнагара сгәы иҭам, уажәы ари аус ҳзыҟаҵом, азакәан ҳзеилагом ҳәа аҳәара сгәы иҭам.  Атәылаҿы изакәаным анапхгара аныҟоу, аолигарх Иванишвили даныҟоу, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара Иванишвили дангылоу,  ҳара иҟаҳҵалакгьы, азакәантә мчы амазаауеит. Ахьаҵра сгәы иҭам, ҳаҧхьа идыргыло абаррикадақәа сзааныркылом, иаҭаххар, Саакашвили амч ахархәарала дҭаҳгоит. Избанзар Миша Саакашвили иҧеиҧши ҳтәыла аҧеиҧши ауп ҳазлацәажәо. Атәыла ахада дызшьыз  Евроеидгылашҟа ирыдыркылом. Биӡина Иванишвили дахьынӡаҟо аоппозициаа алхрақәа рҿы изаиааиуам. Аҭагылазаашьа аҧсахразы атәылаҿы ареволиуциатә аиҭакрақәа мҩаҧгатәуп– иҳәеит   Леван Хабеишвили.